„G7“ иалоу аҳәынҭқаррақәа аиустициа аминистрцәа, Украина иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа реилыргара  азҵаара алацәажәара амзызла,  раҧхьааӡа акәны еиҧылоит
„G7“ иалоу аҳәынҭқаррақәа аиустициа аминистрцәа, Украина иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа реилыргара  азҵаара алацәажәара амзызла,  раҧхьааӡа акәны еиҧылоит

„G7“ иалоу аҳәынҭқаррақәа аиустициа аминистрцәа, Украина иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа реилыргара  азҵаара алацәажәара амзызла,  раҧхьааӡа акәны еиҧылоит. Украинатәи амедиа адыррала, ари атәы ааицҳаит „G7“ ахантәаҩы тәыла – Германтәыла аиустициа аминистр Марко Бушман.

Аиҧылара мҩаҧысуеит Берлин,  абҵара  28 рзы.

„Ҳара Украина аҵакырадгьылаҿ иҟаҵоу арратә ацәгьаурақәа ҳрылацәажәоит,  урҭ реилыргареи изхароу ауааҧсыра аҭакҧхықәра рыдҵареи ҳҭахуп. Убри аҟынтә,  ари азҵаара иадҳәаланы аусеицуразы ҳаиқәшаҳаҭхеит“, – иҳәеит анемец чинҳаракҩы.