«G7» алахәылацәа Запарожтәи АЕС азы ахылаҧшра Украина аҭара иаҳәоит
«G7» алахәылацәа Запарожтәи АЕС азы ахылаҧшра Украина аҭара иаҳәоит

«G7» алахәылацәа урыстәылатәи амчқәа рыла Запорожтәи АЕС анапхгара рымҵарсра иақәыӡбан, астанциазы ахылаҧшра наӡа  Украина аҭара иаҳәеит.  Ари атәы иануп G7 аҳәамҭаҿы.

«Ҳара урыстәылатәи амчқәа рыла Запорожтәи АЕС анапхгареи астанциа аусзуҩцәеи  рымҵарсра ҳақәыӡбоит. Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа, астанциазы ахылаҧшра наӡа  ари астанциа закәанла изтәу Украина иарҭарц», —  иануп аҳәамҭаҿы.

Хәажәкыразы урыстәылатәи арбџьармчқәа Европа идуӡӡоу атомтә аӡфымцатә станциа  ргеит.