Гьаргь Гахариа Тоиво Клаар даниҧылоз, ашәарҭадара аганахьала аҵыхәтәантәи аамҭазы арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирыдҳәалоу апроблемақәеи дрылацәажәеит
Гьаргь Гахариа Тоиво Клаар даниҧылоз, ашәарҭадара аганахьала аҵыхәтәантәи аамҭазы арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирыдҳәалоу апроблемақәеи дрылацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа реицхантәаҩы, Аахыҵ Кавкази Қырҭтәылеи  акризис азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар даниҧылоз,  ашәарҭадара аганахьала аҵыхәтәантәи аамҭазы арегион аҿы иҟалаз аиҭакрақәеи уажәазы иҟоу апроблемақәеи дрылацәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, арегион аҿы иҟалаз аиҭакрақәа рымшала импыҵахалоу арегионқәа рҿы аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит, убри аҟынтә, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рхырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра рыла иаҳа ақәҿиара зхылҵша ашьаҿақәа рыҟаҵареи, иаку аиҳабыратә хәыҧшыреи аполитикеи ркоординациеи аҵакы ҷыда анашьоуп.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра аус азы Страсбургтәи ауаҩытәыҩса изинқәа рзы жәларбжьаратәи аӡбара иаднакылаз ақәҵара аҵаки, ҳаҧхьаҟа, атәыла адеокупациа апроцесс аҿы уи ахархәара ахымҧадареи.

Аганқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу арегионқәеи уи ирыҧну аҵакырадгьылқәеи рҿы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи,  Урыстәыла ампыҵахалатә режим рыла аиҭаҵра ахақәиҭра аҧкреи амшала ицәырҵыз агуманитартә проблемақәеи, иара убас,  Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭреи амеханизм аиҧыларақәеи Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи аплатформақәа рырлахҿыхра ахымҧадареи, ари аганахьала иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирыдҳәалоу апроблема амилаҭатә шәарҭадара аҩаӡараҟны иҟоу проблемоуп. Абри апроблема аӡбаразы Қырҭтәыла аиҳабыра иаку, акоординациа зызу аполитика мҩаҧыргароуп, аха, уи адагьы, ари азҵаараҿы аҵакы ду амоуп Евроеидгылеи  егьырҭ астратегиатә партниорцәеи ари апроцесс аҿы ишиашоу  рылахәызаарагьы.

Гьаргь Гахариа Тоиво Клаар ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы Евроеидгыла алахәызаареи ампыҵахалатә цәаҳәа иаҧну аҵакырадгьылқәа рҿы  Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ала аобиективтә жәларбжьаратәи мониторинг амҩаҧгареи азыҳәан.