Гьаргь Гахариа  - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара аганахьала исериозу апрограммақәа рынагӡара ҳазыхиоуп
Гьаргь Гахариа  - Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара аганахьала исериозу апрограммақәа рынагӡара ҳазыхиоуп

Гьаргь Гахариа  – Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара аганахьала исериозу апрограммақәа рынагӡара ҳазыхиоуп

 

«Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаа асоциалтә цхыраара рыҭара аганахьала исериозу апрограммақәа рынагӡара ҳазыхиоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Гьаргь Гахариа афракциа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа  данырҧылоз.

Гахариа иажәақәа рыла,  асоциалтә цхыраара апрограммақәа еиҧшуп, аха,  урҭ рхархәара ауп зегьы реиҳа идуу апроблема.

«Ишыжәдыруа ала, апрограммақәа рхархәара аганахьала апроблемақәа иҟоуп, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи ҳареи  ауаҩытәыҩса изинқәа ирыдҳәаланы аҿыц аҳәарақәа рынагӡаразы  аус еицаауеит. Абри азҵаарагьы аҵакы ду амоуп, ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит», —  иҳәеит Гьаргь Гахариа.