Гьаргь Гахариа Филипп Рикер диҧылеит
Гьаргь Гахариа Филипп Рикер диҧылеит

Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» анапхгаҩы Гьаргь Гахариа Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ инапынҵақәа назыгӡо Филипп Рикер диҧылеит.

Апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы»  Facebook аҿы аофициалтә даҟьа ишану ала, Филипп Рикери Гьаргь Гахариеи Америкеи Қырҭтәылеи русеицура иалацәажәеит.

Апартиа адырра ала, аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала ирзааҭгылеит ашәарҭадара аганахьала атәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа.

Иара убас, аиҧылараҿы, Қырҭтәыла имҩаҧысуа аполиткиатә процессқәагьы ирылацәажәеит. Гьаргь Гахариа ипартиа аполитикатә планқәа дрылацәажәеит.

Гьаргь Гахариеи  Филип Рикери ҳаҧхьаҟа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» аполитхеилак алахәыла  Кахабер Қемоклиӡеи.