Гьаргь Гахариа -  Аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рҟны агәреибагара аиҭашьақәыргыларазы аҭынчратә инициативақәа  аус рыдулара наҳагӡоит
Гьаргь Гахариа -  Аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рҟны агәреибагара аиҭашьақәыргыларазы аҭынчратә инициативақәа  аус рыдулара наҳагӡоит

 

«Аҧсуааи ауаҧсааи ҳашьцәа рҟны агәреибагара аиҭашьақәыргыларазы аҭынчратә инициативақәа рхырхарҭала аусура наҳагӡоит.  Уи ахадаратә ҵакы змоу ҳхықәкы ауп, атәыла атерриториатә акзаареи, насгьы,  зегьы реиҳа ихадоу – агәреибагареи  аиҭашьақәыргыларазы зегьы реиҳа ииашоу иласу ахархәагоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Гьаргь Гахариа апарламент апленартә аилатәараҿы, иахьа уаҟа аиҳабыра агәрагара рзаацҳаразы абжьыҭира мҩаҧысуеит.

Гахариа ишиҳәаз ала, жәларбжьаратәи апартниорцәа атәыла атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылара апроцесси аполитика аҳәаақәҵареи  иалахәызароуп.

«Қырҭтәыла аиҳабыра аструктуризациатә азнеишьа рымазаауеит. Ҳара импыҵахалоу атерриториақәа ирызкны иаку, ахшыҩкратә политика ҳҭахуп, абри аполитика иалахәызароуп зыӡбахәы ҳәоу апроблема аҭыҧқәҵара иадҳәалоу аусбарҭақәа зегьы  —  Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи,  Аинаалара азҵаарақәа рзы аминистрреи, иашьашәалоу амаҵзура ҷыдақәеи, убас егьырҭгьы.

Уи аструктуризациатә, аконсолидациатә политика акәзароуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.