Гьаргь Амилахвари – Азакәан инақәыршәаны, астудент хәышықәса истатус аанкылазар ауеит, убри аҟынтә, зстатус аҧырху акәымкәа, зстатус аанкылоу астудентцәа ауал рықәырхуеит
Гьаргь Амилахвари – Азакәан инақәыршәаны, астудент хәышықәса истатус аанкылазар ауеит, убри аҟынтә, зстатус аҧырху акәымкәа, зстатус аанкылоу астудентцәа ауал рықәырхуеит

 

Зстатус аҧырху акәымкәа, зстатус аанкылоу астудентцәа ауал рықәырхуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҵара аминистр Гьаргь Амилахвари.

Иара иажәақәа рыла, астудент, афинанстә ауал ма даҽа мзызк ала  хәышықәса истатус аанкылазар ауеит.

„Азакәан инақәыршәаны, астатус хәышықәса аанкылазар ауеит. Астудент,   афинанстә ауал ма даҽа мзызк ала  хәышықәса истатус аанкылазар ауеит. Хәышықәса рышьҭахь астудент истатус аҧыххоит, нас,  иара аханатә астатус иоурц азыҳәан амилаҭтә ҧышәарақәа рыҭира иқәшәоит.  Убри аҟынтә, ари аӡбара рыдкьыслоит  зстатус аҧырху акәымкәа, зстатус аанкылоу астудентцәа“, – иҳәеит Гьаргь Амилахвари.

Иара убас, Гьаргь Амилахвари ишиҳәаз ала,  астудентцәа аҵара алагара азин рымоуп иаанкылоу астатус аҿҳәара нҵәаанӡа.