Гьаргь Амилахвари – Азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа хымҧада иҧсахтәуп, избанзар,  дара ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аҵара астандартқәа ирышьашәалам
Гьаргь Амилахвари – Азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа хымҧада иҧсахтәуп, избанзар,  дара ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аҵара астандартқәа ирышьашәалам

«Апрактикала иуҳәозар, акыршықәса раҧхьа ирыдыркылаз адокумент хада  — азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа хымҧада иҧсахтәуп, избанзар, уи ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи аҵара астандартқәа ирышьашәалам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Гьаргь Амилахвари Қырҭтәыла Актәи аканал апрограмма   «Аӡбара» аҿы.

«Иара убас,  ари адокумент,  ҳҳәынҭқарра шьаҭас иамоу апринципқәагьы ирышьашәаламзар ҟалап», — иҳәеит  Амилахвари.

Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр ишазгәеиҭаз ала,  аминистрра еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла активла аус ауеит,  еиуеиҧшым азҵаарақәа рылацәажәара иазыхиоуп,  арҭ азҵаарақәа иреиуп: азеиҧш аҵара амилаҭтә хықәкқәа; ахәыҷбаҳчақәеи ашколнӡатәи аҵареи; ашколи азеиҧш аҵареи; ашколтә автономиа; Амилаҭтә аҵаратә план; ахәшьараҭара асистема; ашколқәа равторизациа; ашколтә уаажәларра адгылара; арҵаҩи иусуреи,  афинанстәи асоциалтәи ҭагылазаашьақәа; акариератә азҳара асхема; ашколқәеи ашколтә крыфареи аҧара азоушьҭра; аҵара аполитика апланшьҭыхра; аҵаратә ресурсқәеи арҵагашәҟәқәа реиқәыршәара апроцесси; азанааҭтә аҵараҿы ахәаҧшыра ҿыцқәа; иреиҳаӡоу аҵареи аҵарадырреи.