Forbes -  Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго аибашьразы инырххьеит 167 миллиард адоллар
Forbes -  Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго аибашьразы инырххьеит 167 миллиард адоллар

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго аибашьразы инырххьеит 167 миллиард адоллар, ари аҧара аҟынтә  украинатәи атәылахьчара мчқәа 34 миллиард адоллар рыхә атехника иқәырхит», —  Forbes украинатә аҭыжьымҭа ари аинформациа аланарҵәеит  Украина Арбџьармчқәа рштаб хада аинформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Аҭыжьымҭа ишану ала, Украина иаҿагылоу аибашьразы Урыстәыла есымша инырхуеит  300 миллион адоллар.

Forbes адыррақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу  167,3 миллиард  адоллар иалам уажәазы имҩаҧысуа аибашьра иадҳәалам ахыхьчаратә харџьқәеи,  иара убас,  атәыла-агрессор иаиуз аекономикатә ацәыӡи.

Forbes аинформациа инақәыршәаны, ахарџьқәа абас еизшоуп: аибашьратә ауранагӡара аиқәыршәара  — 51,3 миллиард адоллар,  арратә маҵзуҩцәа  рџьаусҧса  — 35,1 миллиард адоллар,  иҭахаз аруаа рҭаацәарақәа рзы акомпенсациа  — 25,6 миллиард адоллар, ахәрақәа зауз рзы акомпенсациа  — 21 миллиард адоллар, иқәхыу атехника ахә  – 34 миллиард адоллар.