Филип Рикер Кавказ аиҿцәажәарақәа рызҵарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ еиҳабы иаҳасабала инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Филип Рикер Кавказ аиҿцәажәарақәа рызҵарақәа рзы Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ еиҳабы иаҳасабала инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Америка аҳәынҭқарратә департамент аинформациа инақәыршәаны, ацҳаражәҳәаҩ Филип Рикер Кавказ аиҿцәажәарақәа рызҵаарақәа рзы абжьагаҩ еиҳабы иаҳасбала инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак  Нед Праис ишиҳәаз ала,  Филип Рикер  иусура  апроблематә регионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара иазку апроцессқәа рырццакра иацхрааит.

Нед Праис ишазгәеиҭаз ала, Филип Рикер иҟаиҵаз алагала ду алагьы иубарҭоуп  Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҭынчратә еиҿцәажәарақәа Америказы аҵакы ду шрымоу.

„Иара убас, ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы америкатә делегациа анапхгарала.  Америка наҟ-наҟгьы Аахыҵ Кавказаҿ ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи, адемократиатә ҧеиҧши аиқәыршәара иацхраауеит“, – иҳәеит Нед Праис.

Америка Аәҳынҭқарратә департамент ахаҭарнак Филип Рикер ицынхәрас ари аҭыҧ аанызкыло макьана идырым.ф