„Фаиненшел ҭаимс“ – Мызқәак ҵуеит Америка Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ астратегиатә обиектқәа абомбақәа рылажьраҿы Украина иацхраауеижьҭеи
Мызқәак ҵуеит Америка Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ астратегиатә обиектқәа абомбақәа рылажьраҿы Украина иацхраауеижьҭеи – иануп „Фаиненшел Ҭаимс“ астатиаҿы.
Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, Украина хара иҧыруа аракетақәа рыла зықәхра рҭаху аобиектқәа алырхуеит, анеҩс, Вашингтонынтә абарҭ аобиектқәа ирызку аҧшыхәратә информациа роуеит. Аҭыжьымҭа ишану ала, Америка Урыстәыла аекономика арҧсыҽреи Путин аиҿцәажәарақәа ралагара идцалареи ауп ирҭаху.
„Фаиненшел ҭаимс“ ишану ала, америкатә аҧшыхәра украинаа ирыцхраауеит амаршрутқәеи, аҳаракырақәеи, аамҭеи, амиссиеи ирызку апланқәа реиқәыршәараҿы.
Аҭыжьымҭаҿы ишазгәаҭоу ала, аҧхынразы, Дональд Трампи Владимир Зеленскии ҭелла реиҿцәажәара ашьҭахь, ари ацхыраара иаҳа иҕәҕәахеит.