"Фаиненшал ҭаимс" аинформациала, мшаԥы 27 инаркны Польшеи Болгариеи урыстәылатәи агаз роуӡом
"Фаиненшал ҭаимс" аинформациала, мшаԥы 27 инаркны Польшеи Болгариеи урыстәылатәи агаз роуӡом

Польша аҳәынҭқарратә агаз аилахәыра PGNiG шьақәнарӷәӷәеит аԥсабаратә газ  Иамал-Европа амҩангагала агаз амҩангара шаанкылоу.

Иашьашәалоу адырра аиуит Болгариа аҳәынҭқарратә агаз аилахәыра Bulgargaz-гьы. Болгариа аԥсабаратә газ аиуӡом мшаԥы 27 инаркны.

Болгариа аиҳабыра  аԥсабаратә газ альтернативатә мҩақәа рыԥшаара алагахьеит.