Европарламент 3ҩык алахәылацәа   "Ҭбилиси Праид" аҧыхра иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит
Европарламент 3ҩык алахәылацәа   "Ҭбилиси Праид" аҧыхра иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит

Европарламент алахәылацәа  Марина Калиуранди, Виола фон Крамони, Свен Миксери  «Ҭбилиси Праид» аҧыхра иадҳәаланы аҳамҭа еицыҟарҵеит.

«Иацы Қарҭ атәылауаҩратә активистцәеи, ауаажәларра алахәылацәеи, ажурналистцәеи рықәлара афакт ҳақәыӡбоит, абри афакт амшала амарш  LGBTQI-Праид аҧыхын. Рыцҳарас иҟалаз, Қырҭтәыла анапхгареи арелигиатә лидерцәеи    амарш  «Праид» аҧхьа рыбжьы ҭганы агаомофобиатә риторика изаҿамгылеит. Қырҭтәыла аиҳабыра аизара ашәарҭадара рзеиқәыдмыршәеит.  LGBTQI+ иаҵанакәа ауааҧсыра аконституциатә зинқәа рхархәара алшара рымазароуп.

Қырҭтәыла аиҳабыра аргама аарыцҳаит  Евроеидгыла алалара амзызла 2024 шықәсазы аофициалтә азыҳәамҭа ҟарҵар шырҭаху. Абри афакт иадҳәаланы, иргәалаҳаршәар ҳҭахуп  Евроеидгыла алаларазы заанаҵтәи аҭагылазаашьақәа ишреиу  атәылаҿы азакәан аиҳаӡареи, адемократиеи, ауаҩытәыҩсеи аиҵареи рзинқәеи пату рықәҵара еиқәзыршәаша иҭышәынтәалоу аинститутқәа рыҟазаара. Қырҭтәыла анапхгара амчылара иалахәыз ауааҧсыра зегьы аанкыланы, азакәан инақәыршәаны ахьырхәра рырҭап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иануп Европарламент алахәылацәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.