"Европа жларт партиа" Михеил Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭахь ишьҭаҵара аҳәара иқәнаргылеит
"Европа жларт партиа" Михеил Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭахь ишьҭаҵара аҳәара иқәнаргылеит

“Европа жларт партиа” Михеил Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭахь ишьҭаҵара аҳәара иқәнаргылеит. Апартиа аҳәамҭа аланарҵәеит амикроблог Твиттер аҿы.

“Ҳгәынамӡара ааҳарԥшуеит Михеил Саакашвили игәабзиара ацәгьахара иадҳәаланы.

Қырҭтәыла аанапхгара рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит зыԥшра ҟамҵакуа ԥасатәи ахада Саакашвили иашьашәалоу атәылауаҩратә хәышәтәырҭахь днаргарц, игәабзиара цәгьахар, аҭакԥхықәра аиҳа́быра рықәҵахоит” – иануп аҳәамҭа аҿы.