Европа Ахеилак Аконгресс ахаҭарнак  - Инеизакны иуҳәозар, алхрақәа ҭынч имҩаҧысит, аха, алхрақәа анапхгара бзиа рыҭара мацара акәӡам аус злоу  
Европа Ахеилак Аконгресс ахаҭарнак  - Инеизакны иуҳәозар, алхрақәа ҭынч имҩаҧысит, аха, алхрақәа анапхгара бзиа рыҭара мацара акәӡам аус злоу  

Инеизакны иуҳәозар, алхрақәа ҭынч имҩаҧысит, аха, алхрақәа анапхгара бзиа рыҭара   мацара акәӡам аус злоу, — иҳәеит Европа Ахеилак Аконгресс ахаҭарнак аихшьаалатә апресс-конференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла, иацы Аконгресс аделегациа алахәылацәа атәыла зехьынџьара алхрақәа ирыцклаҧшуан, аха, абжьыҭираан крызҵазкәа аилагарақәа рымбеит.

Иара ишиҳәаз ала, «аҭыҧантәи ахаланапхгратә органқәа рахь алхрақәа раан ареферендум мҩаҧган, убри амшала, аҭыҧантәи алхрақәа азеиҧш милаҭтә политикатә ҭагылазаашьа хырҩеит».

«Алхрақәа раан аполитикатә лагылазаара ҳалацәажәозар, ҳара, Аконгресс ахаҭарнакцәа, гәалсрала иазгәаҳҭар ҳҭахуп  2021 шықәса жьҭаара 2 рзы иҟалаз зегьы Қырҭтәыла адемократиатә аҿиара ишаҧырхагоу.  Абарҭ алхрақәа рҿы ареферендум иҟан, –  ааи ма мап. Убри амшала, аҭыҧантәи апроблемақәа иахәҭо хшыҩзышьҭра рымамызт.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы аҭыҧантәи алхрақәа азеиҧш политикатә ҭагылазаашьа хырҩеит, уи ақырҭуа жәлар ринтересқәа ирышьашәалам.  Аҩ-ганкuгьы, аиҳабырагьы аоппозициагьы уи азы аҭак рыҧхықәуп.  Агрессиа,  ацәымҕратә бызшәа,  иҧаршеиз ажәабжьқәа асоциалтә аҳаҿы  — абри ала лабҿаба иубарҭоуп ҳаҧхьаҟа иаҳа ирацәаны ишыҟаҵатәу.  Аполитикатә лагылазаараҿы иҟоу аполиаризациа адемократиатә хеидкылареи аидгылареи иаҧырхагоуп. Аконструктивтә диалог алагара иаамҭоуп. Абри аганахьала аполиткиатә диалог ахадаратә ҵакы амоуп», — иҳәеит Девид Ереи.