Еврокомиссиа апресспикер - Аурысцәа авизақәа рыҭара азҵаара алахәыла-тәылақәа ркомпетенциа иалоуп,  рхатә шәарҭадара амзызла атәыл цыԥхьаӡа авизақәа рыҭара аҟәыҵыр алшоит
Еврокомиссиа апресспикер - Аурысцәа авизақәа рыҭара азҵаара алахәыла-тәылақәа ркомпетенциа иалоуп, рхатә шәарҭадара амзызла атәыл цыԥхьаӡа авизақәа рыҭара аҟәыҵыр алшоит

Аурысцәа авизақәа рыҭара азҵаара алахәыла-тәылақәа ркомпетенциа иалоуп, рхатә шәарҭадара амзызла атәыл цыԥхьаӡа авизақәа рыҭара аҟәыҵыр алшоит, – илҳәеит Еврокомиссиа апресспикер  Анита Ҳипер.

Еврокомиссиа ахаҭарнак лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго  изакәаным зыриашара ҟамло агрессиа иахҟьаны, атәылақәа апрецедент змам ауадаҩ иҭагылеит.

Евроеидгыла анагӡаратә орган апресспикер ишаалыцҳаз, Евроеидгыла аҩаӡараҿ алахәыла-тәылақәа ркоординациа азҵааразы адискуссиақәа мҩаԥысуеит.