Евроеидгыла ахаҭарнакра – Европатәи ахеилак Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ирықәшаҳаҭуп
Евроеидгыла ахаҭарнакра – Европатәи ахеилак Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ирықәшаҳаҭуп

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра адеолигархизациа иазку азакәан иадҳәаланы Венециатәи акомиссиа иҟанаҵаз аихшьаала иахцәажәеит.

Ахаҭарнакра аофициалтә даҟьаҿ ишазгәаҭоу ала,  Европатәи ахеилак Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ирықәшаҳаҭуп.

«Европатәи ахеилак Венециатәи акомиссиа абжьагарақәа ирықәшаҳаҭуп: иарбоу ашәарҭарақәа иазҧхьагәаҭаны, адеолигархизациа иазку азакәан рыдрымкылар еиҕьуп. Асистематә азнеишьала иаҳа еиҕьу амҩа аҧшааразы, Евроеидгыла ақырҭуа напхгара рыдгылара иазыхиоуп. Ҳаидгыланы, иахьа ирласны ҧхьаҟа ацара ҳалшоит», — иануп аҳәамҭаҿы.