«EUObserver» —  Евроеидгыла аҩныҵҟатәи аҳасабырба инақәыршәаны, Китаии Ҭырқәтәылеи Урыстәыла иацхраауеит асанкциақәа рывсраҿы
«EUObserver» —  Евроеидгыла аҩныҵҟатәи аҳасабырба инақәыршәаны, Китаии Ҭырқәтәылеи Урыстәыла иацхраауеит асанкциақәа рывсраҿы

«Асанкциақәа рыбоурала, Урыстәыла аибашьра анагӡаразы алшарақәа ацәмаҷхоит, аха, Китаии Ҭырқәтәылеи Урыстәыла иацхраауеит асанкциақәа рывсраҿы», —  «EUObserver»  ари атәы аанацҳаит Евроеидгыла аҩныҵҟатәи аҳасабырба шьаҭас иҟаҵаны.

Аҳасабырба инқәыршәаны, Евроеидгыла асанкциақәа зегьы раасҭа анырра рымоуп урыстәылатәи аенергетикатәи абанктәи секторқәа рзы.

«Ҧаса Урыстәыла Евроеидгылеи Америкеи рҟынтә  иаиуаз 30 ахадаратә тауарқәа  уажәы Китаинтә ироуеит, нанҳәазы ари аекспорт азҳаит 20 наӡынала.  Ахадаратә ҵакы змоу аусхкқәа рҿы Ҭырқәтәылантә Урыстәылаҟа аекспортгьы ҩынтә азҳаит », — азгәаҭоуп аҳасабырбаҿы.