Шьалуа  Папуашвили – Уажәы еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа Урыстәыла иазышьақәдыргыло аҧкрақәа Қырҭтәыла уезгьы уаанӡагьы ишьақәнаргылахьан, уажәы абарҭ атәылақәа ҳара ишьақәҳаргылаз аҧкрақәа ирыдлеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит

Уажәы еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа Урыстәыла иазышьақәдыргыло аҧкрақәа Қырҭтәыла уезгьы уаанӡагьы ишьақәнаргылахьан, уажәы абарҭ атылақәа ҳара ишьақәҳаргылаз аҧкрақәа ирыдлеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асанкциақәа ирызкны ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Папуашвили иҳәамҭала, Қырҭтәыла Урыстәыла иазышьақәнаргылахьоу асанкциақәа ирыцҵаны иҵегьы асанкциақәа рышьақәыргыларазы алшара амам.

«Иҳаҩсыз хымчыбжь рыла ҳазынтәгьы ҳаиқәшаҳаҭхеит Қырҭтәыла изакәызаалак ареалтә алшара шамам аӡбарақәа рыдкыларазы анырра зауша  асанкциақәа рышьақәыргыларазы.  Ҳазынтәгьы иаадыруеит убри амшала Қырҭтәыла ахаҭа азарал ду шаиуа. Аерман ҳаирпланқәа рзы ақәыҧшылара ҳаркыр, Шәамахьтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҧхасҭахар ауеит. Иацы Америка ацҳаражәҳәаҩгьы аргама аалыцҳаит  Қырҭтәылантә асанкциақәа рышьақәаргылара аӡәгьы дшамыхәо. Абраҟа акәаҧ иргылатәуп !», — иҳәеит Папуашвили.