Естониа аҧыза-министр  - Путин  Молдовеи Қырҭтәылеи рахь ихы ирхеит, уи иаанкыларазы мҩа заҵәык ауп иҟоу  - Украина ацхраара
Естониа аҧыза-министр  - Путин  Молдовеи Қырҭтәылеи рахь ихы ирхеит, уи иаанкыларазы мҩа заҵәык ауп иҟоу  - Украина ацхраара

Евроеидгыла Урыстәыла асанкциақәа азышьақәыргылара иаҳа-иаҳа иацәыуадаҩхоит, — илҳәеит Естониа аҧыза-министр британиатәи «The Telegraph» аинтервиу аналҭоз.

Каиа Каласс ишылҳәаз ала, ауаа  аибашьрантә иааҧсеит, апроблемақәа рацәахеит.

«Уажәы асанкциақәа рышьақәыргылара ахьҳалшо аелементқәа маҷхеит. Абри ауп проблемас иаҳзыҟалаз», — илҳәеит Естониа аҧыза-министр.

Аамҭакала,  Естониа аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәалҭаз ала,  Урыстәыла  ақәыҕәҕәара нагӡатәуп,  уи егьырҭ атәылақәагьы иржәымларц азыҳәан.

«Украина ашьҭахь Путин Молдовеи, Қырҭтәылеи, Балтиатәи атәылақәеи рахь ихы ирхоит. Иара еснагь уи иаартны иҳәон. Иаанкыларазы мҩа заҵәык ауп иҟоу  — Украина ҳацхраароуп, уи абри аибашьраҿы аиааира агарц азыҳәан, — илҳәеит  Каиа  Каласс.