Ереван агәҭаны Никол Ҧашиниан иамхра аҳәарала акциа мҩаҧысуеит
Ереван агәҭаны Никол Ҧашиниан иамхра аҳәарала акциа мҩаҧысуеит

Шәамахьтәыла аҳҭнықалақьаҿ, Ареспублика ашҭаҿ, аиҳабыра радминистративтә хыбра аҧхьа апротесттә акциа иалагеит. Аҭыҧантәи АИХ ишаарыцҳаз ала, амитинг алахәылацәа аҧыза-министр Никол Ҧашиниан иамхра иаҳәоит.

Уаанӡа, аоппозициатә ҵысра алидерцәа иреиу  Карин Тоноиан ишылҳәаз ала, атәылаҿы зегьирзеиҧшу аҳәатәхамҵара рыларҳәоит.

Шәамахьтәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбра иаҧну аҵакырадгьылаҿ аполициа гылоуп.

Аиҳабыра реилатәара иалагоит иахьа, аҭыҧантәи аамҭала асааҭ 11:00 рзы.