„Ерасмус“ апрограммақәа рылахәылацәа Қарҭ апротесттә акциа-аныҟәара мҩаҧыргоит
„Ерасмус“ апрограммақәа рылахәылацәа Қарҭ апротесттә акциа-аныҟәара мҩаҧыргоит

„Ерасмус“ апрограммақәа рылахәылацәа  Аҵара аминистрра аҧхьа еизеит. Дара апарламент ахыбрашҟа идәықәлан, уаҟа имҩаҧысуа акциа рхы аладырхәоит. Амарш алахәылацәа Ихьыҧшым агентрақәа европатәи ареестр аҿы Аҵара ахаҭабзиара аҿиара  амилаҭтә центр арегистрациа аанкылара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.  Иара убас, дара алхрақәа реиҭамҩаҧгареи иаанкылоу ауаа роужьҭреи иазку азеиҧш аҳәарақәагьы ирыдгылоит.