Ентони Блинкен Молдова даҭабууп украинатәи ахҵәацәа рыдкыларазы, иара ишиҳәаз ала, Америка ари атәыла иацхраауеит агуманитартә проблемақәа рыӡбараҿы
Ентони Блинкен Молдова даҭабууп украинатәи ахҵәацәа рыдкыларазы, иара ишиҳәаз ала, Америка ари атәыла иацхраауеит агуманитартә проблемақәа рыӡбараҿы

Мрагыларатә Европаҿ итурне аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Молдова даҭааин,  атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит украинатәи ахҵәацәа рыдкыларазы.

Ентони Блинкен Молдова ахада Маиа Санду илзааицҳаит Америка ари атәыла ишацхраауа агуманитартә проблемақәа рыӡбараҿы.

«Ҳара  Конгресс ахь аҳәара ҟаҳҵеит Украина аҩнуҵҟа ауаа рыцхраареи,  иара убас,  Молдова еиҧш ахҵәацәа здызкыло атәылақәа рҿы агуманитартә проблемақәа рыӡбареи азы   2,75 миллиард адоллар ҳзоурышьҭырц» — иазгәеиҭеит Блинкен.

Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла,  Урыстәыла Украина ианажәыла инаркны иахьанӡа,  Молдоваҟа ииасхьеит  230 нызқьҩык иреиҳаны украинатәи ахҵәацәа.