Екатерина Тикараӡе лҳәамҭала, авакцина аиура арыцхә еилкаахоит амчыбжь анҵәамҭанӡа

Агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе лнапхгарала,  акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа азҵарақәа ирызку Аусбарҭабжьаратә координациатә комиссиа аилатәара мҩаҧысит.

Аилатәара иазку аинформациа аланарҵәеит аминистрра апресс-маҵзура. Аилатәара алахәылацәа авакцина аиуреи авакцинациазы атәыла ахиазаареи иалацәажәеит.

Аминистр ишылҳәаз ала,  амчыбжь анҵәамҭанӡа,  «COVAX»-и, «Pfizer»-и ақырҭуа агани аконсультациа мҩаҧыргоит, убри анеҩс ауп атәыла авакцина анаиуа арыцхә анеилкаахо.