Еидҵоу акралрахь аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Оксфордтәи ауниверситет аҿы иҟан
Еидҵоу акралрахь аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа Оксфордтәи ауниверситет аҿы иҟан

Еидҵоу акралрахь аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациеи ацҳаражәҳәаҩ Софио Қацаравеи  Оксфордтәи ауниверситет аҿы Бодли ибиблиотека анапхгаҩы Ричард Овендени мрагыларатәи аҵарадыррақәа рыҟәша аиҳабы Џьилиан Евисони ирԥылеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аделегациа алахәылацәа Уордроптәи ақырҭуа шәҟәқәеи анапылаҩырақәеи рколлекциа рбеит. Иаоа убас аиԥылара мҩаԥган Оксфордтәи аунивесритет аҿы ақырҭуа программа анапхгаҩы Кристофер Гери иҟны.

Аганқәа Қырҭтәылеи Британиеи аҵаратә хырхарҭаҿ ирыбжьоу аусеицура арӷәӷәареи Оксфордтәи ауниверситет аҟны аусеицуразы иконкрету аԥшьгарақәеи ирыхәаԥшит. Апарламенттә аделегациа иалоуп адепутатцәа: Николоз Самхараӡе, Нино Ҵилосани, Гиорги Хелашвили, Ҭеона Ақубардиа, апарламент ахантәаҩы икабинет аиҳабы Леван Махашвили.