ЕАШ ацентртә ар рԥызацәа рнапхгаҩы  - Афганистан аанрыжьит америкатәи аруаа зегьы
ЕАШ ацентртә ар рԥызацәа рнапхгаҩы - Афганистан аанрыжьит америкатәи аруаа зегьы

Афганистан аанрыжьит америкатәи аруаа зегьы. Афганистан ЕАШ 20 шықәсатәи амиссиа ихыркәшоуп. АВС ниус аинформациа ала, ари атәы ааицҳаит ЕАШ ацентртә ар рԥызацәа рнапхгаҩы, аинрал Франк Маккензи.

Аинрал Маккензи иажәақәа рыла, арратә хәҭақәа ралгара ихыркәшоуп, аҵыхәтәантәи америкатәи арратә ҳаирплан Афгансиатн аҳауатә қәыԥшылара ааннажьит.

Нанҳәа 14 рышьҭахь Афганистан аанрыжьит 122 000-ҩык рҟынӡа, урҭ рҟынтә фнызқьҩык атәылауаа ракәын.