ЕАШ 2023 шықәсатәи абиуџьет аҿы Қырҭтәылеи Украинеи рыцхыраара иазыԥҳьагәаҭоуп
ЕАШ 2023 шықәсатәи абиуџьет аҿы Қырҭтәылеи Украинеи рыцхыраара иазыԥҳьагәаҭоуп

ЕАШ Асенат 2023 шықәсатәи абиуџьет шьақәнарӷәӷәеит. Абиуџьет аҿы Украина 45 миллиард америкатә доллар иаҟароу ацъыраара иахыԥхьагәатоуп. Ари атәы аанацҳаит “Роитер”, аҟбыԥхь аинформациала адокумент иадгылеит 68-ҩык асенаторцәа, иаҿагылеит 29-ҩык.

Азакәанпроект ала Украина арратә цхырааразы иазыԥхьагәаҭоуп 23.5 миллиард доллар.

Иара убас, ЕАШ 2023 шықәсатәи абиуџьет аҿы Қырҭтәыла ацхыраара аҳасаб ала 132 миллион 25000 нызқь доллар азалхра иазыԥхьагәаҭоуп.

Абиуџькт 1.7 триллион доллар иаҟароуп. Уажәы уи ахаҭарнакратә палатаҿ шьақәдырӷәӷәароуп. Уи ашьҭахь адокумент ЕАШ ахада Џьо Баиден инапы аҵаиҩыруп.