Дмитри Кулеба -  Украина иаҵахар, уи Европа анҵәамҭахоит
Дмитри Кулеба -  Украина иаҵахар, уи Европа анҵәамҭахоит

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҳәамҭала, Украина иаҵахар, уи Европа анҵәамҭахоит.

Кулеба ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Forbes аинтервиу аҿы.

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы имҩаҧнаго зымҽхак дуу аибашьра Европагьы иадкьыслоит, убри аҟынтә, европаа Украина иадгыланы аиааира агара ада уаҳа ҧсыхәа рымам. Украина иаҵахар, уи Европа анҵәамҭахоит», — иҳәеит  Кулеба.

Кулеба  Америкатә Конгресс иаднакылаз абиуџьет ҿыц дазааҭгылеит, ари адокументаҿ Украина аҧара азоушьҭра иазҧхьагәаҭам.

Кулеба иажәақәа рыла Америка ахада иалхрақәа шаҟа ааигәахәо аҟара, Украина ауадаҩрақәа ирҭагылоит.

«Алхрақәа рхатә логика рымоуп, аполитикатә ақәҧара иаҳа иџьбарахоит, Америка аполитикатә мчқәак даараӡа ирҭахуп алхраҧхьатәи акампаниаан Украина азҵаара  аҧыжәара амазарц», — иҳәеит  Дмитри Кулеба.