Дмитри  Кулеба – Аурыс агаз аурыс амааҭла аахәара  — аукраинаа рықәхраҿы аурысцәа рыцхраароуп иаанаго
Дмитри  Кулеба – Аурыс агаз аурыс амааҭла аахәара  — аукраинаа рықәхраҿы аурысцәа рыцхраароуп иаанаго

«Аурыс агаз аурыс амааҭла аахәара  — аукраинаа рықәхраҿы аурысцәа рыцхраароуп иаанаго», — иҳәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба урыстәылатәи агаз аурыс амааҭла аахәара иазкны Урыстәыла Евроеидгылахь иҟанаҵаз ажәалагала данахцәажәоз.

Дмитри Кулеба ари атәы иҩит амикроблог  «Твиттер» аҿы.

«Евроеидгыла атәылақәа урыстәылатәи агаз амааҭла аахәара иақәшаҳаҭхар,  дара Москва иадгылоит ҳәа ауп уи иаанаго. Сара атәылақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит аҟәышра аарҧшны,  ҭакҧхықәрала аӡбара рыдыркыларц», — иҩит Дмитри Кулеба.