Дмитри Кулеба – Ҳара ақырҭуа-украинатә стратегиатә партниорра арҕәҕәаразы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц иҟны аусеицура алагара ҳахыццакуеит
Дмитри Кулеба – Ҳара ақырҭуа-украинатә стратегиатә партниорра арҕәҕәаразы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц иҟны аусеицура алагара ҳахыццакуеит

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр  Дмитри Кулеба  Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрс иқәыргылара дахцәажәеит.

Асоциалтә аҳаҿы Кулеба ишиҩыз ала, иара ақырҭуа-украинатә стратегиатә партниорра арҕәҕәаразы ақырҭуа министр ҿыц иҟны аусеицура дахыццакуеит.

«Ҳара ақырҭуа-украинатә стратегиатә партниорра арҕәҕәаразы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Илиа Дарчиашвили  иҟны аусеицура алагара ҳахыццакуеит. Урыстәылатәи агрессиа иаҿагылоу ақәҧараҿы Қырҭтәыла адгылара ҳақәгәыҕуеит», — иҩит  Дмитри Кулеба  Twitter аҿы.