Давид Залкалиани – Европатәи ахеилак аминистрцәа ркомитет аҿы ирыдыркылаз аӡбара апрецедент амам, анагӡаратә аҩаӡараҿ раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп атермин "ампыҵахалара"
Давид Залкалиани – Европатәи ахеилак аминистрцәа ркомитет аҿы ирыдыркылаз аӡбара апрецедент амам, анагӡаратә аҩаӡараҿ раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп атермин "ампыҵахалара"

Страсбург иҟоу Европатәи ахеилак аминистрцәа ркомитет аҿы ирыдыркылаз аӡбара апрецедент амам, анагӡаратә аҩаӡараҿ раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп  атермин “ампыҵахалара”, – иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиани.

«Страсбург иҟоу Европатәи ахеилак аминистрцәа ркомитет аҿы ирыдыркылаз аӡбара апрецедент амам, анагӡаратә аҩаӡараҿ раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп  атермин “ампыҵахалара”. 2014 шықәса ашьҭахь ҳара есышықәса ари аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡбарақәа ҳадаҳкылоит, сынтәа иҳадаҳкылаз аӡбара апрецедент амам, анагӡаратә аҩаӡараҿ раԥхьаӡа акәны иазгәаҭоуп атермин «ампыҵахалара», – иҳәеит Залкалиани.

Аминистр ишааицҳаз ала, аминистрцәа ркомитет Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Ауаҩытәыҩса изинқәа Европатәи аӡбарҭа аднакылаз аӡбара нанагӡарц.

«Аминистрцәа ркомитет агәынамӡара аанарԥшуеит ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа Заза Гахелаӡе иаанкылареи 12 шықәса аҭакра иқәҵареи иадҳәланы. Акомитет ампыҵахаларатә режим ахь ааԥхьара ҟанаҵоит зыԥшра ҟамҵакуа изакәанымкәа иаанкылоу атәылауаа зегьы иоурыжьҭырц. Иара убас акомитет агәынамӡара аанарԥшуит Қырҭтәыла атәылауаа зшьыз ахаҿқәа ақәнагаа ахьрықәым, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит аԥкрақәа зегьы аԥнахырц, Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҿы аетникатә ақырҭуаа рышьразы ахара зду ахаҿқәа аҟәнага рықәырҵарц.

Аминистрцәа ркомитет ааԥхьара ҟанаҵоит ауааԥсыра аԥкрақәа рыда аиҭаҵра рылшарц азы, аԥкрақәа зегьы аԥыхра иадҳәаланы,» – ихәеит Давид Залкалиани.

Аминистр ишазгәеиҭаз ала, адокумент аҿы  азгәаҭоуп «Оҭхозориа-Татунашвили асиа» аҵак ду  шамоу.

«Акомитет Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит, иеффекту ахылаҧшра  амҩаԥгаразы, зыԥшра ҟамҵакуа жәларбжьаратәи аиҩызара алахәылацәа  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рахь анеира азин рырҭарц,» – иҳәеит Давид Залкалиани.