Меҭиу Миллер - ЕАШ иаҿагылоит Қырҭтәыла урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра, ари ахҭыс иаҳнарбоит урыстәылатәи ампыҵахалара иахылҵуа ахыбгара
Меҭиу Миллер - ЕАШ иаҿагылоит Қырҭтәыла урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ ишьра, ари ахҭыс иаҳнарбоит урыстәылатәи ампыҵахалара иахылҵуа ахыбгара

ЕАШ иаҿагылоит Қырҭтәыла урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ, Ҭамаз Гинтури ишьра, – иануп Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аланарҵәаз ЕАШ аҳәынҭқарратә департамент аспикер Меҭиу Миллер иҳәамҭаҿы.

„Ари аԥсра иаҳнарбоит Қырҭтәыла исуверену аҵакырадгьылқәеи рҿы урыстәылатәи ампыҵахалара иахылҵуа ахыбгара“, –иануп аҳәамҭаҿ.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, ампыҵахалатә мчқәа  Кирбали ақыҭа иазааигәаны аҭыҧантәи анхаҩы закәандарала данааныркылоз ахысра иалаган, Қырҭтәыла атәылауаҩ дҭахеит.