Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭа Синагури иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭа Синагури иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу ақыҭа Синагури иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит. Ари атәы аарыцҳаитАҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтә.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа ала, зыӡбахә ҳәоу афакт иазкны адырра анроуҵәҟьа, зыҧшра ҟамҵакәа Ацәаҳәа ҷыда аус адыруит, жәларбжьаратәи апартниорцәеи Женеватәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи адырра рырҭеит.

“Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаҩ ирласӡаны ихақәиҭтәра амзызла амеханизмқәа зегьы ахархәара рыҭоуп.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылаҿ  адеструктивтә ауранагӡаразы аҭак рыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа”, – иануп аинформациа аҿы.