Анна Фотыга - Ҳара хықәкыс иҳамоуп Оҭхозориа-Татунашвили рсиа еиԥшу аиқәыԥхьаӡа аԥҵара, уи иабзоураны Қырҭтәыла апатриотцәа ирҿагыланы ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иаҳзымариахоит
Анна Фотыга - Ҳара хықәкыс иҳамоуп Оҭхозориа-Татунашвили рсиа еиԥшу аиқәыԥхьаӡа аԥҵара, уи иабзоураны Қырҭтәыла апатриотцәа ирҿагыланы ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иаҳзымариахоит

Ҳара хықәкыс иҳамоуп Оҭхозориа-Татунашвили рсиа еиԥшу аиқәыԥхьаӡа аԥҵара, уи иабзоураны Қырҭтәыла апатриотцәа ирҿагыланы ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иаҳзымариахоит, – илҳәеит Европарламент алахәыла Анна Фотыга Страсбург, Европарламент асессиаҿ имҩаԥысуаз адебатқәа рҿы данықәгылоз.

“Ари арезолиуциа, аконтрибуциазы афиналтә текст аус адызулоз Қырҭтәыла аҩыза-гәакьақәа иҭабуп ҳәа рсҳәар сҭахуп. Ари арезолиуциа шәыдышәкылоит ҳәа сақәгәыӷуеит.

2008 шықәсатәи аибашьра аветеран, Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа административтә ҳәаа ааигәара, ауахәама даныҩналоз дыршьит, иҩыза – закәандарала даанкылан. Ҳрезолиуциаҿ егьырҭ аԥсыҭбарақәа рыхьӡқәагьы аарԥшуп.

Ҳара хықәкыс иҳамоуп Оҭхозориа-Татунашвили рсиа еиԥшу аиқәыԥхьаӡа аԥҵара, уи иабзоураны Қырҭтәыла апатриотцәа ирҿагыланы ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иаҳзымариахоит, – илҳәеит Анна Фотыга.

Европарламент алахәылацәа ирыдыркыларан иҟоуп Ҭамаз Гинтури ишьреи Леван Доҭиашивили закәандарала иаанкылареи иақәыӡбо, Қырҭтәыла атәылауаа ирҿагыланы и ацәгьоурақәа рзы аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа рганахьала асанкциақәа ралагалара иазку  арезолиуциа.