Иракли Ҕарибашвили Коџьори, аиункерцәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Иракли Ҕарибашвили Коџьори, аиункерцәа рмемориалаҿ ашәҭқәа шьҭеиҵеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Коџьори даныҟаз, иара уаҟа аиункерцәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵан, иҭахаз аџьынџьуаа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы апарламент ахантәҩы Шьалуа Папуашвилии Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи ицын.

Асоветтә ампыҵахалара инаркны 102 шықәса ҵит. Абри арыцхә инамаданы, административтә хыбрақәеи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла ахаҭарнакрақәеи рҿы аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп.

Жәабран 25 асоветтә ампыҵахалара мшны ишьақәыргылоуп Қырҭтәыла апарламент ақәҵарала.