Давид Киркитаӡе - "Амилаҭтә ҵысраҿы" хара имгакәа аелектронтә алхрақәа шымҩаԥысуа агәра згоит, ари апартиа арӷәӷәаразы ихырҳагахоит
Давид Киркитаӡе - "Амилаҭтә ҵысраҿы" хара имгакәа аелектронтә алхрақәа шымҩаԥысуа агәра згоит, ари апартиа арӷәӷәаразы ихырҳагахоит

“Амилаҭтә ҵысра” алахәыла  Давид Киркитаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, апартиа алахәыла-қәыԥшцәа апартиа ахантәаҩ ҿыц иалхра иаԥшьыргеит. Ари адгылара змауа ажәалагалахоит, – иҳәеит Киркитаӡе.

Киркитаӡе игәаанагарала, ари ажәалагала аӡәгьы даҿагылом.

Давид Киркитаӡе ишазгәеиҭаз, “Амилаҭтә ҵысраҿы” хара имгакәа аелектронтә алхрақәа шымҩаԥысуа агәра игоит, ари апартиа арӷәӷәаразы ихырҳагахоит.

Амилаҭтә ҵысра” арегионтә лидерцәеи ҳареи апартиаҿ ахантәаҩ ҿыц иалцрақәа рымҩаԥгара идҵаны иқәҳаргылоит, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра2 алахәыла Иракли Надираӡе имҩаԥгаз абрифинг аҿы. Надираӡе ишааицҳаз, “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы гәыҟ ала изыҟоу, апатриорт алхыҩцәа рлегитимациа имазароуп, аенергиа ҿыцла, аплан ҿыцла атәла ахақәиҭразы ақәԥара наигӡароуп. “Михеил Саакашвили ихақәиҭтәра, ари атәыла ахақәиҭтәра, аолигарц даҵахар ҳҭахызар, амч ҿыцқәа, аенергиа ҿыц, аентузиазм ҿыц ала ақәԥара наҳагӡароуп”, – иҳәеит Иракли Надираӡе.