Давиҭ Залкалиани – Аформат иалахәу атәылақәа жәларбжьаратәи зин  апринципқәа ирықәныҟәалароуп
Давиҭ Залкалиани – Аформат иалахәу атәылақәа жәларбжьаратәи зин апринципқәа ирықәныҟәалароуп

Ҳгәы ишанаго ала, аформат иалахәызароуп жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәеи анормақәеи  пату рықәызҵо аҳәынҭқаррақәа, — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуҭ Чавушоҕлу даниҧыла ашьҭахь.

Залкалиани ишиҳәаз ала,  Урыстәыла Қырҭтәыла адеокупациазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵаанӡа иарбанзаалак аекономикатә аҿиара изалацәажәом.

«Ҳәарада, Ҭырқәтәыла, Аахыҵ Кавказ  аҭышәынтәалараҿы ароль ду назыгӡо атәыла аҳасаб ала, кыраамҭала аҭынчра еиқәзыршәаша аформатқәа раҧҵара иазҿлымҳауп. Рпозициа еилаҳкаауеит, аха, аамҭакала,   сара ишазгәасҭаз ала,  раҧхьа иргыланы, ҳара ҳзы аформат алахәызаара иаанагоит уи иалахәы атәылақәа жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа ирықәныҟәалароуп ҳәа, аҳәынҭқаррақәа зегьы рхыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи пату ақәырҵароуп. Урыстәыла ампыҵахалаҩ-тәылоуп, Қырҭтәыла адеокупациазы аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵаанӡа иарбанзаалак аекономикатә аҿиара ҳзалацәажәом. Абас ауп ҳпозициа шыҟоу.

Уи адагьы, ҳгәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла, арегион аҿы крызҵазкәа атәыла аҳасаб ала,  арегионалтә усеицуреи апроектқәеи ирылахәызароуп. Абри аганахьала иҿырҧшыгоу апроектқәа  ҳамоуп, иаҳҳәап,  Бақәа – Қарҭ -Джеиҳан, Бақәа-Қарҭ-Ҟарс, Ерзурум. Қырҭтәыла  аиҳабыра,  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аконкреттә темақәа рылацәажәара ахьыҟало ҭыҧс Қарҭ шәыдаргалоит.  Абри ахырхарҭала ҧхьаҟацара наҳагӡоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.