Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала,  Ҭырқәтәыла Транскавказтәи акорридор иахәаҧшуеит  «Аҩадатәи корридор» альтернатива ҳасабала
Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала,  Ҭырқәтәыла Транскавказтәи акорридор иахәаҧшуеит  «Аҩадатәи корридор» альтернатива ҳасабала

 

Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуҭ  Чавушоҕлу иҳәамҭала,  Ҭырқәтәыла Транскавказтәи акорридор иахәаҧшуеит  «Аҩадатәи корридор» альтернатива ҳасабала.  Чавушоҕлу ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Будапешт имҩаҧысуаз адискуссиа аан.

Иара иажәақәа рыла,  Ҭырқәтәыла арегион алшарақәа рхархәара иазҿлымҳауп, убри азыҳәан, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Џьамтәылеи рҽалархәрала х-ганктәии ҧшь-ганктәии механизмқәа рхы иадырхәоит.

«Аҩадатәи акорридор альтернатива шамам анаабо, Трансказказтәии, Каспиатәии, Абжьаратәи корридорқәа раартра ҳалагоит. Ари апроцессаҿ аҭыҧ хада ааныркылоит Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани, Апроект анагӡара ҳаналагалак, Шәамахьтәылагьы уи аҽаланархәып ҳәа сгәыҕуеит. Абжьаратә корридор иаҳа аҵакы аиуеит», — иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.