Давиҭ Залкалиани -  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада даҽазнык ипозициа ааирҧшит, Алианс алахәылацәа ирыдыркылаз аӡбарақәа реиҭахәаҧшра ргәы иҭам
Давиҭ Залкалиани -  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада даҽазнык ипозициа ааирҧшит, Алианс алахәылацәа ирыдыркылаз аӡбарақәа реиҭахәаҧшра ргәы иҭам

«НАТО амаӡаныҟәгаҩ хадеи сареи ҳаиҧылара қәҿиарала имҩаҧган, ари аиҧылраҿы сгәыҕрақәа даҽазнык ишьақәырҕәҕәан», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани иахьа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги  иареи Бриуссель реиҧылара данахцәажәоз.

«НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада даҽазнык ипозициа ааирҧшит, Алианс алахәылацәа ирыдыркылаз аӡбарақәа реиҭахәаҧшра ргәы иҭам, иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит  дара рзы Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә интеграциеи ахадаратә ҵакы шамоу», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.

Иара иажәақәа рыла, НАТО Урыстәылаҟны адиалог анагӡара иазыхиоуп, аиҿцәажәара ахьрылшо ахырхарҭақәа иҟоуп, аха, аминистр ишиҳәаз ала, ахадаратә зҵарақәа рзы акомпромисс зыҟалом.

«Ҳара ари апроцесс наҳагӡоит НАТО аҿы ҳпартниорцәа рҟны ҳаиқәшаҳаҭны, ауснагӡатәқәа зегьы иаамҭаны имҩаҧгазароуп, избанзар, Мадрид имҩаҧысраны иҟоу асаммит аҿы ицәыраагаша алҵшәа ҿыцқәа ҳамазароуп», — иҳәеит Залкалиани.