CNN  - ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра анапхгаҩы иахьа Анкараҿ Урыстәыла аԥшыхәра аиҳабы диԥылоит
CNN - ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра анапхгаҩы иахьа Анкараҿ Урыстәыла аԥшыхәра аиҳабы диԥылоит

CNN аинформациа ала, ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра анапхгаҩы иахьа Анкараҿ Урыстәыла аԥшыхәра аиҳабы диԥылоит.

“Ҳара иаахтны ааҳацҳауеит Урыстәылаҟны арискқәа рнапхгараҭара ахырхарҭала аимадара шҳабжьоу, ҷыдала агәыцәтә шәарҭақәеи астратегиатә ҭышәынтәалара арискқәа. Ари аус аҳәаақәа ирҭагӡаны Уиллиам Барнс иахьа Урыстәыла аԥшыхәра аиҳабы диԥылоит”, – аанацҳаит CNN ЕАШ амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак аҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.