Британиа Ду аҧыза-министр Риши Сунак Иракли Ҕарибашвили иахь - Ашәарҭадареи атәылахьчареи аусхкы аҿы ҳпартниорра зеиҧшҟамлац аҵакы ду амоуп
Ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра аназгәаҳҭо абри иуадаҩӡоу аамҭазы ашәарҭадареи атәылахьчареи аусхкы аҿы ҳпартниорра зеиҧшҟамлац аҵакы ду амоуп, – иануп Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аҧыза-министр Риши Сунак Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили изааишьҭыз ашәҟәы аҟны.
Уаҟа ишазгәаҭоу ала, урыстәылатәи кыраамҭалатәи агрессиа аан иеиду аҳра Қырҭтәыла иадгылоит.
„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр! Жьҭаара 26 рзы исзаашәышьҭыз ашәҟәы азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Раҧхьа иргыланы, ҭабуп ҳәа шәасҳәоит акралҧҳәыс Елизавета II лыҧсра иадҳәаланы Қарҭ иҟоу Британиа ацҳаражәәҳарҭашҟа шәнеины, адашшылара ахьыҟашәҵаз азыҳәан.
Ҳдипломатиатә еизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра аназгәаҳҭо абри иуадаҩӡоу аамҭазы ашәарҭадареи атәылахьчареи аусхкы аҿы ҳпартниорра зеиҧшҟамлац аҵакы ду амоуп. Агәра шәсыргар сҭахуп кыраамҭа инагӡо урыстәылатәи агрессиа аҭагылазаашьаҿы Иеиду аҳра Қырҭтәыла ишадгыло. Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит, Аҧсни Аахыц Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара аҧыхреи абарҭ Қырҭтәылатәи арегионқәа агуманитратә цхыраара рыҭара алшара аиқәыршәареи азы Урыстәылахь ааҧхьара аҟаҵара наҳагӡоит.
2023 шықәса алагамҭазы Иеиду аҳраҿ имҩаҧысуеит „Уордроп астратегиатә диалог“ анеҩстәи ауснагӡатә, сара уи сеигәырҕьоит, избанзар, уи ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура ахырхарҭақәа зегьы ирыдкьыслоит, астартегиатә партниорреи 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 азы амч зауз аусеицура аиқәшаҳаҭреи иаҳа арҕәҕәоит.
Ҳмилаҭқәа рмышхәыбзазареи, аҭынчреи, ашәарҭадареи азы ҳпартниорра иаҳа арҕәҕәара амзызла шәара шәҟны аусеицура сахыццакуеит“, – иануп ашәҟәы аҟны.