Британиа Ду аинициативала,  38 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Украина аҵакырадгьыл аҿы Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа ирыдҳәаланы,  Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иадҵаалт
Британиа Ду аинициативала,  38 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Украина аҵакырадгьыл аҿы Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа ирыдҳәаланы,  Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иадҵаалт

Британиа Ду аинициативала,  38 ҳәынҭқарра, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны, Украина аҵакырадгьыл аҿы Урыстәыла ала иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа ирыдҳәаланы,  Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иадҵаалт, — ари атәы аарыцҳаит Британиа Ду аиҳабыра.

«Иахьа адунеи  38 ҳәынҭқарра Урыстәыла ала гәымбылџьбарала Украина ажәылара иадҳәаланы жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа иадҵаалт. Путин абарҭ ацәгьаурақәа рзы ахьырхәра ҕәҕәа иоуеит, уи еилкаауп», — иҩит Борис Џьонсон  Twitter аҿы.

Уажәшьҭа Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа аусеилыргара алагара алшоит. Британиа инаваргыланы, аӡбарҭа адҵаалара иақәшаҳаҭхеит Қырҭтәылеи, Албаниеи, Австралиеи,  Бельгиеи, Болгариеи, Канадеи, Колумбиеи,  Коста-Рикеи, Хорватиеи, Кипри, Чехиеи, Даниеи, Естониеи, Финлиандиеи,  Франциеи, Германтәылеи,  Бырзентәылеи,  Венгриеи,  Исландиеи,  Ирландиеи, Италиеи, Латвиеи, Лихтенштеини,  Лиуксембурги,  Мальтеи, Норвегиеи, Нидерланди, Зеландиа ҿыци,  Польшеи, Португалиеи, Румынтәылеи,  Словакиеи, Словениеи, Испаниеи, Швециеи, Швеицариеи.