Британиа аԥшыхәратә маҵзура - Урыстәыла Украина аиланхарҭақәа рганахьала атехника хьанҭа ахархәара нанагӡар ҟалоит
Британиа аԥшыхәратә маҵзура - Урыстәыла Украина аиланхарҭақәа рганахьала атехника хьанҭа ахархәара нанагӡар ҟалоит

Аҭынч тәылауаарыбжьара аԥсыҭбарақәа рацәахар азы, Урыстәыла Украина аиланхарҭақәа рганахьала атехника хьанҭа ахархәара нанагӡар ҟалоит.  Ари атәы аанацҳаит Британиа ду Атәылахьчара маҵзура иаҵанакуа аԥшыхәратә маҵзура.

Аусҳәарҭа “Твиттер” аҿы ишаанацҳаз, урыстәылатәи мчқәа аиланхарҭақәа рҿы зымҽхак ҭбаау адәтәи аоперациа рҽалахәра рҭахым, ахыхьчаратә мчқәа рдеморализациазы, аҳауатәи артиллериатәи жәыларақәа рымҩаԥгара еиӷьыршьоит.