Биӡина Иванишвили  - Зхы иақәиҭу, ихьыҧшым, Евроеидгыла иалоу, еидҵоу Қырҭтәылоуп ақырҭуа ҳгәахәтәы, ҳара хымҧада уи наҳагӡоит
Биӡина Иванишвили  - Зхы иақәиҭу, ихьыҧшым, Евроеидгыла иалоу, еидҵоу Қырҭтәылоуп ақырҭуа ҳгәахәтәы, ҳара хымҧада уи наҳагӡоит

Ажәа шәысҭоит  ауадаҩрақәа зегьы ҳшырхысуа, ҳхьыҧшымра шҳарҕәҕәо, аҭынчра шыҳахьчо,  ақырҭуа економика шҳарҕәҕәо, 2030 шықәсазы Евроеидгыла ҳшалало, ҳара ауникалтә ҭоурых змоу ауникалтә милаҭ ҳауп, абарҭ ауникалтә традициақәеи апринципқәеи рыла  азеиҧш европатәи ҭаацәара ҳалалароуп, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҳаҭыртә хантәаҩы Биӡина Иванишвили.

Биӡина Иванишвили ишазгәеиҭаз ала,  зхы иақәиҭу, ихьыҧшым, Евроеидгыла иалоу, еидҵоу Қырҭтәылоуп ақырҭуа ҳгәахәтәы.

Иара иажәақәа рыла,  Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылақәа рыгәҭа Қырҭтәыла аҧхьагылара ду амоуп  адемократиеи,  ауаҩытәыҩса изинқәеи,  аинститутқәа рырҕәҕәареи,  акоррупциа амаҷреи аганахьала,  акандидат астатус змоу атәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла аекономика  зегьы реиҳа ирласны аҿиара иаҿуп.

„2014 шықәсазы  „Ауаажәларра  2030“ ишьаҭаскит. Усҟан Евроеидгыла алалара ҳалацәажәомызт,   избанзар,   усҟан  ауаа соптимизм ргәамҧхар ауан. Сара усҟангьы агәра ганы сыҟан Қырҭтәыла 2030 шықәсазы Евроеидгыла иалалар шалшо.  6 шықәса мацароуп иаанхаз.   Евроеидгыла иалалар зҭаху атәылақәа рыгәҭа Қырҭтәыла аҧхьагылара ду амоуп  адемократиеи,  ауаҩытәыҩса изинқәеи,  аинститутқәа рырҕәҕәареи,  акоррупциа амаҷреи аганахьала,  акандидат астатус змоу атәылақәа рыбжьара Қырҭтәыла аекономика  зегьы реиҳа ирласны аҿиара иаҿуп. Ажәа шәысҭоит  ауадаҩрақәа зегьы ҳшырхысуа, ҳхьыҧшымра шҳарҕәҕәо, аҭынчра шыҳахьчо,  ақырҭуа економика шҳарҕәҕәо, 2030 шықәсазы Евроеидгыла ҳшалало, ҳара ауникалтә ҭоурых змоу ауникалтә милаҭ ҳауп, абарҭ ауникалтә традициақәеи апринципқәеи рыла  азеиҧш европатәи ҭаацәара ҳалалароуп.

Ҳшьапылампыласҩцәа рықәҿиара ду агәра ҳнаргеит агәахәтәы нагӡахар шыҟало. Ақырҭуа азгәыбылҩцәа  30-шықәсатәи ргәахәтәы нагӡахеит. Қырҭтәыла аизга, аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Европа ачемпионатаҿ ихәмаруеит. Абри ақәҿиара  – ҳтәыла агәахәтәқәа рынагӡара апроцессаҿ раҧхьатәи шьаҿоуп. Зхы иақәиҭу, ихьыҧшым, Евроеидгыла иалоу, еидҵоу Қырҭтәылоуп ақырҭуа ҳгәахәтәы, ҳара хымҧада уи наҳагӡоит.  Мшаҧы аныҳәа ду заанаҵы ишәыдысныҳәалар сҭахуп. Анасыҧи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит! Ахьӡ-аҧша амазааит ихьыҧшым, зхы иақәиҭу, иаку Қырҭтәыла“, – иҳәеит Биӡина Иванишвили.