Белгород иҟалаз аҧжәараан хҩык ҭахеит
Белгород иҟалаз аҧжәараан хҩык ҭахеит

Белгород иҟалаз аҧжәараан хҩык ҭахеит.

«Би-би-си» адыррала, Киеви Москвеи ари афакт дара-дара ирхарарҵоит.

Белгородтәи араион анапхгаҩы  Виачеслав Гладков иҳәамҭала, иаха ақалақьаҿ аҧжәарақәа ҟалеит, хҩык иҭахеит,  ҧшьҩык ахәрақәа роуит, руаӡәы цәгьала дыҟоуп.

Гладков иажәақәа рыла, аихагыларацәа змаз  11 корпусқәеи  30 хаҭалатәи аҩнқәеи аҧхасҭа роуит.

Украина анапхгара ишырҳәаз ала,  аҧхасҭа зауз аҩнқәа рҿы ирбеит урыстәылатәи аракетақәа  «Панцирь С1» аҧҽыхақәа.

Урыстәылатәи асенатор  Андреи Клишас  иҳәамҭала, Белгород иҟалаз афакт   «иџьбароу арратә аҭак аҭатәуп, избанзар, уи Украина аган аҟынтә ишиашо агрессиатә акт ауп».