Баҭым "Амилаҭтә ҵысра" амитинг мҩаԥысуеит
Баҭым "Амилаҭтә ҵысра" амитинг мҩаԥысуеит

Баҭым “Амилаҭтә ҵысра” алхратә кампаниа аихшьаалатә акциа мҩаԥнагоит. Акциаҿ иқәгылеит апартиа Аҷаратәи аиҿкаара алахәылацәа, урҭ иреиуан Баҭым ахада иҭыԥ ахь акандидат Гиорги Карҭазе, “Иаку Қырҭтәыла” алидер Нино Бурџьанаӡе, апартиа “Лело” алахәыла Иракли Купраӡе.

Акциаҿ Михеил Саакашвили Леван Варшаломиӡе изииҩыз ашәҟәы иаԥхьеит.