Баҭым акорпус аилаҳараан аԥшаара-аиқәырхаратә операциаан агәымшәара аазырԥшыз амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәа анашьамҭақәа рыҭан
Баҭым акорпус аилаҳараан аԥшаара-аиқәырхаратә операциаан агәымшәара аазырԥшыз амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәа анашьамҭақәа рыҭан

Сынтәа, жьҭаара 8 рзы Баҭым акорпус аилаҳараан аԥшаара-аиқәырхаратә операциаан агәымшәара аазырԥшыз амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәа агәымшареи афырхаҵареи рзы амедалқәа ранашьан.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, ахамҭақәа ранашьара ацеремониа Қарҭ, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура амазаҿ мҩаԥган. Ауснагӡатә рзы аларыдхәит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иосеб Ҷелиӡеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рхылаԥшра амаҵзура аиҳабы Ҭемур Мӷебришвилии.

2021 шықәса жьҭаара 8 асааҭ 12:00 рзы, Баҭым, Лаҵара  26 амҩаҿы, хәеихагылак змоу ахыбра хәҭак еилаҳаит. Иҭахеит жәҩык. Аҩнуҵҟатәи усқәа рминистрра Аҷара аполициа адепартамент аусуҩцәа Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿ акорпус аилаҳара афакт азы хҩык ааныркылеит.