Ажурнал  "ITB Berlin" аҿы Қырҭтәыла атуристтә потенциал иазкны астатиа кьыҧхьуп
Ажурнал  "ITB Berlin" аҿы Қырҭтәыла атуристтә потенциал иазкны астатиа кьыҧхьуп

 

«2023 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаҧысуеит ашәаҩаныҟәареи асноуборди рзы адунеи ачемпионат», —  абас ахьӡуп адунеи идуӡӡоу атуристтә цәыргақәҵарақәа иреиу  — ITB Berlin ацәыргақәҵа ажурналаҿ икьыҧхьу астатиа. Ари аинформациа аланарҵәеит Атуризм амилаҭтә администрациа.

«Асыла ихҩоу Қырҭтәыла ашьхақәа  1200 километр аҿы еиҵыхуп. Ажәытәӡатә культуреи, ачыс хааи, аҩыҟаҵара атрадициеи, асасдкылареи инаваргыланы, ашьхақәагьы атәыла абеиарақәа иреиуп.  Гудаурии Бакуриании аинфраструктура ирҿыцуп жәларбжьаратәи астандартқәа инрықәыршәаны.  Иҿыцӡоу акурортқәа дыргылеит  — Годерӡии Местиеи», —  иануп  ITB Berlin аҿы.

Астатиаҿы ишазгәаҭоу ала,  2023 шықәсазы жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа «ITB Berlin» аҿы Қырҭтәыла иқәгылоит адкыларатә тәыла ҳасабала,   атәыла ари ацәыргақәҵазы аҽазыҟаҵара иалагахьеит.