ITB Berlin ажурнал Қарҭ иазку астатиа ианылеит
ITB Berlin ажурнал Қарҭ иазку астатиа ианылеит

Адунеи аҿы еицырдыруа атуристтә цәыргақәҵа ITB Berlin аплатформа ианылеит Қарҭ иазку астатиа.

“Адунеи аҿы иԥшӡоу аҭыԥқәа рбара шәҭахызар, сынтәа макьана апланқәа шәымамзар, Қырҭтәыла аҳҭнықалақь абара ишәабжьаҳгоит. Уа ахаан шәыҟазма? Ари ақалақь аҿы иԥшӡоу апаркқәа, аҿхыҽҽқәа, амузеиқәа, аресторан бзиақәа, уахынлатәи аклубқәа рацәны иҟоуп”, – аанацҳаит ITB Berlin.

Адунеи идуӡӡоу атуристтә цәыргақәҵа аадыртуеит хәажәкыра  6 рзы. Аартратә акультуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит ақырҭуа концерт.  Ацеремониа рхы аладырхәит  2500-ҩык раҟара асасцәа  180 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

ITB Berlin ацәыргақәҵа хәажәкыра 6-9 рзы мҩаԥгахоит.