Аӡынтәи аԥсшьарамшқәа Қырҭтәыла изымҩаԥгатәу амзызқәа хәба
Аӡынтәи аԥсшьарамшқәа Қырҭтәыла изымҩаԥгатәу амзызқәа хәба

Аӡынтәи аԥсшьарамшқәа Қырҭтәыла изымҩаԥгатәу амзызқәа хәба – жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа, ITB Berlin аофициалтә вебдаҟьа Қырҭтәыла атуристтә потенциали аӡынтәи акурортқәеи ирызку астатиа ду ианылеит. Ари атәы аанацҳаит Атуризм азы амилаҭтә администрациа.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, астатиа аныҟәаҩцәа апсшьара ҭыԥ ҿыц аарԥшра алшара рнаҭоит.

Атуризм азы амилаҭтә администрациа аинформациа ала, 2023 шықәсазы ITB Berlin жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿ Қырҭтәыла аԥшәма-тәыла астатус аиуеит.

Астатиаҿ иануп Ашықәс ҿыцтәи атрадициақәеи асасдкылара аҵасқәеи рызкны.

ITB Berlin аофициалтә вебдаҟьеи акьыԥхьи рҿы аӡыргаратә статиақәеи афотоҭыхымҭақәеи раларҵәара 2023  шықәса анҵәамҭанӡа нагӡахоит, –  иануп Атуризм азы амилаҭтә администрациа. аинформациа аҿы.